Израильтәи аҳәынҭқарраҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иҟны аиҧылара
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Израильтәи аҳәынҭқарраҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Заза Канделаки диҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Израильтәи аҳәынҭқарреи рпартниортәи реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.
Иракли Ҕарибашвили ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диацәажәеит Израильтәи аҳәынҭқарраҟны аусеицураҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны.
Хшыҩзышьҭра рызун Ааигәатә Мрагылараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа.
Иракли Ҕарибашвили Заза Канделаки амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Заза Канделаки аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит агәрагара изаарҧшразы.
Заза Канделаки аҳәынҭқарратә маҵзураҿы акыршықәсатәи аусуратә ҧышәа имоуп. Иара еиуеиҧшым аамҭақәа раан Аҵарадырратә академиеи, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә музеи, Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахада иаппарати рҿы аус иуан. Иара убас, Қырҭтәыла апарламент далан. Заза Канделаки акыршықәса рыҩныҵҟа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиуеиҧшым апозициақәа рҿы аус иуан, иара убас, - аҳәаанырцә Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа дрылан, Польшатәи ареспубликеи Венгриеи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.
Израильтәи аҳәынҭқарраҿы ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵаанӡа, Заза Канделаки Иорданиа аҳашимиттә аҳраҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.